Аԥсны

3,4 миллиард мааҭ инеиҳаны ашәахтәқәа еизгоуп

Аԥсны ашықәс иалагазар 2022 шықәса иаҿырԥшны алагалақәа рдинамика иартәеит 116% ма 480 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. 2023 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахь иаланагалеит 3,4 миллиард мааҭ инеиҳаны ҳәа аанацҳауеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра.
Планла иарбан 2,8 миллиард мааҭ аизгара. Аплан иацҵаны инагӡахеит 22% ма 623,6 миллион мааҭ рыла.
2023 шықәса цәыббрамзазы абиуџьет иаланагалеит 567 миллион мааҭ, планла 503,9 миллион ахьарбаз. Аплан 13% иацны инагӡоуп.