Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: Амассатә информациатә хархәагақәа рзы азакәан Аԥсны аусушьа иазкны

Sputnik
Sputnik Аԥсны арадио адырраҭара ҿыц "Аҳәатәи аҳәашьеи" раԥхьатәи аҭыжьымҭаҿы иалацәажәан Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа рзы азакәан аусушьа. Адырраҭара иасасцәан Аԥсны ажурналистцәа реидгылеи "Абаза" ателеканали рнапхгаҩы Руслан Ҳашыг, адукат, азиндырҩы Рамина Пасаниаԥҳа, ажурналист Низфа Арышԥҳа.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирызку азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефираҿы иҟалоит есԥшьаша асааҭ 13:00 инаркны 14-нӡа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.