Аԥсны

Аҳәатәи аҳәашьеи: Аԥсны Амассатә информациа ахархәагақәа рзы азакәан иазкны

Sputnik
Арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара ҿыц "Аҳәатәи аҳәашьеи" аԥшьнагеит. Уи амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирызку азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефираҿы иҟалоит есԥшьаша асааҭ 13:00 инаркны 14-нӡа.
"Аҳәатәи аҳәашьеи" раԥхьатәи аҭыжьымҭаҿы иалацәажәан Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа рзы азакәан аусушьа. Адырраҭара иасасцәан Аԥсны ажурналистцәа реидгылеи, "Абаза" ателеканали рнапхгаҩы Руслан Ҳашыг, адукат, азиндырҩы Рамина Пасаниаԥҳа, ажурналист Низфа Арышԥҳа.