АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аделаида Қапԥҳа "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара ланеишьеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада иусбарҭа апресс-маҵзура.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵараиура асистемаҿи еизҳауа абиԥара рырҵара-ааӡараҿи ллагалазы, акыршықәса лҵшәа бзиалатәи лусуразы "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара ланашьазааит Аделаида Леонти-иԥҳа Қапԥҳа", – ҳәа ануп аусԥҟаҿы.
94 шықәса зхыҵуа Аделаида Қапԥҳа ашкол аҿы аус луеит 70 шықәса. Лара аматематика рылҭон, 30 шықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Гагратәи ашкол №2 аиҳабыс дыҟан, иахьа ашкол амузеи дахагылоуп.
Аделаида Қапԥҳа – азеиԥш ҵараиура ҳаҭыр зқәу аусзуҩ, Аԥснытәи АССР Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Ақьырсианра иахыршьааз Иԥшьоу Анастасиа лыхьӡ зху Аимператортә орден ланашьоуп.