Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Аԥсны, Урыстәыла, даҽа тәылақәак рҿы аҵаратә ус аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит жьҭаара 5 азы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Шәзанааҭ аҵакы, шәхы-шәыҧсы шәамеигӡакәа имҩаҧыжәго шәусура ахә ашьара уадаҩуп. Шәара шәҵаҩцәа ирышәҭо адыррақәа рнаҩс, иреиҳау аҩаӡарахь амҩа ианышәҵоит. Шәара ишәыбзоураны аӡәырҩы аҧсҭазаараҿы рхатә ҭыҧ ылырхуеит, ихьӡырҳәаганы иҟалоит дасу иалырхуа рзанааҭқәа рыҟны. Шәара аҿар реиҵааӡараҿы, адыррақәа рыҭараҿы, абиҧара ҿыцқәа рышьақәгылараҿы, Аҧсны аҧеиҧш бзиа ачаҧараҟны ишәылшо рацәоуп", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Ахада арҵаҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәоит рџьабаазы, ргәацҧыҳәаразы, рычҳаразы, русура ҭакҧхықәрала, ламысцқьала разнеиразы. Ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, анасыҧ, ачҳара, аихьӡарақәа.