Урыстәыла

Путин еиҭеиҳәеит Урыстәыла принципқәас изықәныҟәаша арбанқәоу

Аклуб "Валдаи" аилатәара мҩаԥысуеит жьҭаара 2-5 рзы Шәача. Атема - "Ииашоу аполиаррацәара: ашәарҭадареи аҿиареи зегьы рзы ишеиҿкаатәу" ("Справедливая многополярность: как обеспечить безопасность и развитие для всех")
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Урыстәыла иадыруеит ахы ахьхоу ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахада Владимир Путин адискуссиатә клуб "Валдаи" аҿы.
"Ҳара иаҳдыруазароуп ҳхы ахьҳархаша, наҟ-наҟ ҳҟаларц шаҳҭаху - аиашаз, уи атәы Урыстәыла иаадыруеит. Раԥхьаӡа иргылан - иаарту, еимадоу адунеи аҿы ҳанхарц ҳҭахуп, аӡәгьы дахькыдҿаҳәалам, ауаа еиҿцааразы аӡәгьы дахьырԥырхагам, рҟазара аадырԥшыр ахьрылшо, иҿиар ахьрылшо адунеи аҿы. Абас ԥынгыла ахьыҟам аҭагылазаашьа ҳхы азҳархароуп", - иҳәеит Путин.
Ахада инаҵишьит хкы рацәала еилоу адунеитә шьақәгылашьа азеиԥш ҿиара иашьаҭазароуп ҳәа, Урыстәыла акәзар, иахьабалак ахцәыргара, аиҟарара, аиуеиԥшымзаара иадгылоуп.
Убри аан ҳхы азҳархароуп ашәарҭадареи аҭынчреи ҳазықәԥароуп, аҳәынҭқаррақәа апатуеиқәҵара рыбжьазароуп. Зегьы бзиарақәас иҟоу акгьы иалхәдаамхароуп, уи аӡә даԥырхагахозар, агрессиа ауп ҳәа ҳахәаԥшуеит.
"Абарҭ апринципқәа роуп ҳара ҳзықәныҟәар иаҳҭаху, ҳҩызцәагьы ҳколлегацәагьы урҭ ирызхьаԥшырц рабжьаагоит", - иҳәеит Урыстәыла ахада.
Урыстәыла
Владимир Путин адунеи атәылақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ашәарҭарақәа рҿаԥхьа рҽеидыркыларц