Аԥсны

Ҩ-нызқь инареиҳаны асигареҭҭрақәа ылгоуп Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы

Аҳазалхратә закәанԥҵара инақәыршәаны зықәра наӡоу ахатәхаҿқәа ирымоуп азин аҳәаа иахыргарц блокк (10 ҭрак) асигареҭ, ма 50 сигара, ма 250 грамм аҭаҭын аҳазатә баџь мшәакәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Ҩ-нызқь инареиҳаны пачка асигареҭ ылыргеит урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа аҳәааҿы ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿы апресс-маҵзура.
Аконтрабандатә аалыҵ х-машьынак рыла ииаргон. Volvo XC90 аидараҭаҵарҭа иҭан 500 сигареҭҭра, Nissan Qashqai - 800 сигареҭҭра, Toyota Corolla - 890.
Зынӡа иааидкыланы – 2190 сигареҭҭра. Аҭаҭын аалыҵ амаркақәа "Milano", "Business Royals" ҭыжьын Еиду Арабтә Емиратқәа рҿы. Урҭ урыстәылатәи адыргақәа рыҭамызт.
Контрабанда сигарет
Асигаретқәа зегь ылгоуп. Амашьынақәа рыԥсҟы зкыз рганахьала административтә зинеилагараз аусқәа хацыркуп.
Ашықәс иалагазар закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ аҳәаа ахыгаразы 700 ус хацыркуп. Илгоуп 1,5 миллион цыра асигареҭ.