Аԥсны

Аҟәатәи аӡбарҭа 25 миллион доллар рус иахәаԥшит

Шанда Салаҟаиаԥҳа лаб, жәларбжьаратәи аиҿкаара аусзуҩ, COVID-19 иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Аԥгаԥсатә шәара 25 нызқь доллар ыҟан, аха аԥхьаӡамҭахь ииаган 25 миллион доллар.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿ Шьанда Салаҟаиаԥҳа лыԥхьаӡамҭаҟынтә Еиду Америкатәи аштатқәа 25 миллион доллар ахьықәнахыз азы аус иахәаԥшит. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Аӡӷаб лан Ҳамида Џьопуаԥҳа лыԥҳа лыԥхьаӡамҭаҟынтә ииашамкәа аԥара ықәыргеит, иара убасгьы ахԥатәи ахаҿы – Ҳаџьараҭ Аӡынба, абанктә маӡа ахьалаирҵәаз закәаным ҳәа азхарҵарц дықәгылоит.
Аӡбарҭа хәҭакала Џьопуаԥҳа лҭахрақәа ирықәшаҳаҭхеит, ҷыдала абанктә маӡа аларҵәара аганахьала. Егьырахь мап лыцәкуп.
Аӡбарҭа аӡбара Ахашшааратә коллегиахь иазашшыр ҟалоит ҩажәамш рыҩнуҵҟа.
Шьанда Салаҟаиаԥҳа лаб, жәларбжьаратәи аиҿкаара аусзуҩ, COVID-19 иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Уи иԥсразы аԥгаԥсатә шәара 25 нызқь доллар ыҟан, аха аԥхьаӡамҭахь ииаган 25 миллион доллар.
Аҵәахбанк уи аԥара иазаазышьҭыз рахь идырхынҳәит ахәыҷы лыхьӡала ариаҟара аԥара аиагара абанк иагхоуп ҳәа ишьаны. Аԥхьаӡамҭахь нас ииаган - 25 нызқь доллар. Аха Ҳамида Џьопуаԥҳа ишазгәалҭо ала, уи закәанымкәа иҟарҵеит, аԥара зоураны иҟаз рақәшаҳаҭра рымамкәа иахьыҟарҵаз азы, дагьырзашшит.
Аԥсны
Аҵәахбанк 25 миллион доллар иҟоу хаҭалатәи азыҳәа азынарышьҭит