Аԥсны

Аминистрцәа реилазаараҟны иалацәажәеит ҩбаны ашәахтәқәҵара аҽацәыхьчаразы Аиқәшаҳаҭра

Аганқәа алацәажәеит ҩбаны ашәахтәқәҵара аҽацәыхьчарази ахашәалақәа рзы ашәахтә аҽацәыхьчарази аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра апроект.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаби Урыстәыла афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алексеи Сазанови ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аиԥылара далахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аганқәа азааҭгылеит ҩбаны ашәахтәқәҵара аҽацәыхьчарази ахашәалақәа рзы ашәахтә аҽацәыхьчарази аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра апроект.
Алексеи Сазанов ахәшьара ҳаракы аиҭеит Урыстәылеи Аԥсни рфинанстә усбарҭақәа реинырра, иҳәеит аганқәа рҽазышәара иабзоураны аусурақәа еиҳа-еиҳа ишеиӷьхо.