Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьамтәылаа ирыдышшылеит Хомс атеракт ахьыҟалаз азы

Лаҵара 29, 2018 шықәса рзы Шьамтәыла Аԥсны асуверенитет официалла иазханаҵеит, ахьыԥшымра азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵареи рзы аусԥҟа анапы аҵаҩын.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшылара нанашьҭит Хомс ақалақь аҿы атеррористтә акт ахьыҟалаз инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит АдәАР Амедиацентр.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Хомс ақалақь аҿы иҟоу арратә коллеџь иақәкны имҩаԥгаз атеррористтә акт иақәыӡбоит. Гәалсра дула ҳрыдышшылоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аиҳабыреи, ҳаиҩызаратә жәлари, иара убас ари ацәгьоура бааԥс аан иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ахәрақәа зауз зегьы лассы ишьақәгыларц рзеиӷьаҳшьоит", - ҳәа ануп адышшылара атекст аҿы.
Хомс ақалақь аҿы иҟоу арратә ҵараиурҭа иажәлеит аԥшьаша жьҭаара 5 рзы, акурсантцәа роушьҭра иазкыз аусмҩаԥгатә аан. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 89-ҩык иреиҵамкәа ауаа, 277 ахәрақәа роуит. Атәылаҿы хымш алахьеиқәра рылаҳәоуп.