Урыстәыла

Аԥшатлакә ҟалоит ҳәа Шәача агәҽанызаара рылаҳәоуп

Шәача иҟаларан иҟоу аԥшатлакә инамаданы акоммуналтә усбарҭақәа русура рӷәӷәоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Шәача Амшын еиқәа аӡымҽхак аҟны аԥшатлакәи аԥшаӷәӷәа асреи ҟалоит ашәахьанӡа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АҶА аусбарҭа хада Краснодартәи атәылаҿацә апресс-маҵзура.
"Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа амшцәгьаз агәҽанызаара рылаҳәоуп. Иҷыдоу аҳауагәаҭаратә маҵзура адыррақәа рыла, жьҭаара 8, 9 рзы Магри - Веселое (Шәача) ашәарҭара ыҟоуп, амшын аҟны аԥшатлакә хылоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿ.
Иазгәаҭоуп, атәылаҿацә аҟны (Шәача налаҵаны) аԥшаласра шыӷәӷәахо.