Аҽырхәмаррақәа еизнагеит ауаа рацәа, ибзаины имҩасит ҳәа сгәы иаанагоит, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Бениа. Аҽырыҩрақәеи аҽырхәмаррақәеи шеихшази аԥхьахәтә ҭыԥқәа ирыԥсахази ртәы еиҭеиҳәеит.
Аҽырыҩрақәа рҿы аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡакәны жәаҩык аӡӷабцәа ҽыла иԥон, ҽыла иҽырбон, иара убас аҽтәы спорт аҟынтә аҽаршьцыларақәа ддырбеит.
Џьарназ Бениа еиҭеиҳәеит, Аԥсны ииз зшьа цқьоу аҽқәа рахьынтә ҿыц ицәыргаз шыҟамыз, аха убри аан иаликааит, уажәы аҩынтә раан иқәгылаз, 1200 метра аҩраҿы актәи аҭыԥ аанызкылаз Арсиа Баҭал иҽы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.