Урыстәыла

Израиль ԥшьҩык урыстәылауаа ҭахеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Израиль ԥшьҩык урыстәылауаа ҭахеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Тель-Авив иҟоу урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа шьаҭас иганы.
"Жьҭаара 10 асааҭ 17:00 рзы иҟоу израильтәи аган адыррақәа рыла, Урыстәыла Афедерациа атәылауаа ԥшьҩык ҭахеит. Иҟалаз шыҟалаз ҭаҳҵаауеит", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Хабарда ибжьаӡны иҟоуп ҳәа иԥхьаӡоуп фҩык.
Асабша ашьыжь Израиль асектор Газа аганахь ала аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит. Адыррақәа рыла Израиль иагәыдҵан ԥшь-нызқь ракета. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Израиль аган ала иҭахахьеит х-нызқьҩык, асектор Газа аҟны– 788. Шәҩык инарзынаԥшуа Израиль атәылауаа, арратә чынқәагьы налаҵаны ХАМАС аибашьцәа итҟәаны ирымоуп.
Урыстәыла
Израиль аимак аҿы Рырбџьармчқәа русдҵа азгәанаҭеит