Арадио

Хәарцкьиа ацитрустә шәырқәа рҽаҩра иазкны: сынтәа имаҷуп

Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Инал Хәарцкьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа ацитрустә шәырқәа рзы аҽаҩра зеиԥшроу, ахаҭабзиара ахьынӡаҟоу, насгьы егьырҭ ашәырқәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Сынтәа ацитрустә шәырқәа маҷуп, ҵыԥх иаҳа ирацәан ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Хәарцкьиа.
"Ҵыԥх 2 000 тонн ыҟазҭгьы сынтәа 1 000 рҟынӡа ҳарзыԥшуп. Ахаҭабзиара атәы макьана иҳазҳәом, аха ианмаҷу ибзиахоит рҳәоит, ҳазыԥшуп. Ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтә ахәшәқәа ҳауан, урҭ еихшаны анхацәа ирыҭан",- еиҭеиҳәеит Хәарцкьиа.
Иаадкыланы араион аҿы 150 гектар амандарина еиҭаҳауп, иҟоуп хаҭалатәи абаҳчақәа, иҟоуп анаплакқәа ҳәа иҳәеит иара. Хәарцкьиа иажәақәа рыла, сынтәа аҽаҩра ахьмаҷу аҟынтә ахә иаҳа иҳаракхоит ҵыԥх аасҭа.
Инал Хәарцкьиа иара убасгьы еиҭеиҳәеит афеихо, ахәырма рзы араион аҿы аҽаҩра зеиԥшроу.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.