Урыстәыла

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа адырра ҟанаҵеит Израиль аҽа урыстәылауаҩык дышҭахаз азы

Уаанӡа адипломатиатә хаҭарнакра адырра ҟанаҵахьан џьынџьуаҩык дҭахеит, ԥшьҩык хабарда ибжьаӡны иҟоуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik. Тель-Авив иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Викторов ХАМАС Израиль ақәлараан аҽа урыстәылауаҩык дышҭахаз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Аинформациа еиҭарҿыцтәхеит. Иҟоуп ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа аҽа урыстәылауаҩык дышҭахаз азы. Иҭахаз рыжәлақәеи рыхьыӡқәеи макьаназ иҳазҳәом, аҭагылазаашьақәа ныҭкааны еилкаам", - иҳәеит Викторов "Актәи аканал" аефир аҿы.
Уаанӡа адипломатиатә хаҭарнакра адырра ҟанаҵахьан урыстәылауаҩ дҭахеит, ԥшьҩык хабарда ибжьаӡны иҟоуп ҳәа. Адипломат иазгәеиҭеит хабарда ибжьаӡыз ахьыҟоу ашьақәыргыларазы ирылшо зегьы шыҟарҵо. Урҭ рҭаацәарақәеи аусбарҭеи аимадара рымоуп. Ахаҭарнакра Израиль иҟоу атуристцәа иахәҭоу адгылара рырҭоит.
Асабша ашьыжь Израиль асектор Газа аганахь ала аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит. Адыррақәа рыла Израиль иагәыдҵан ԥшь-нызқь ракета. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 900-ҩык Израиль аҭынчуааԥсыра, асектор Газа аҟны– 687.
Шәҩык инарзынаԥшуа Израиль атәылауаа, арратә чынқәагьы налаҵаны ХАМАС аибашьцәа итҟәаны ирымоуп.
Урыстәыла
Израиль аимак аҿы Рырбџьармчқәа русдҵа азгәанаҭеит