Аԥсны

Амра анҭашәалак: Аҟәа хәылԥазы

Sputnik аобиектив аҿы ицәыраагоит иҷыдоу аԥхарра зҵоу, игәыку, аҳауа абзиабара ахьалоу аҟәатәи ахәылԥазқәа. Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьараамҭа нҵәеижьҭеи акрааҵуеит, аха макьана аԥсшьаҩцәа зыргәырӷьо амш ԥхаррақәа ҟалалоит - "акадифаамҭа" ҳәа ззырҳәо ҳҭагылами!..
Sputnik
Sputnik афотокорреспондент аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы хәылԥазыла даанеиааин, Аҟәа амра аҭашәамҭаз иаҵоу агьама афотоқәа рҿы иаҳзааирԥшит - амҩадуқәеи амҩахәасҭақәеи, зҭәымҭа иҭагылоу аҳәсақәеи аҭыԥҳацәа хымкыхқәеи, иахьеи-уахеи "Абыжәырҭа" ("Брехаловка") аҿы гәатабӷата еицәажәо, ихәмаруа ахацәеи уҳәа. Ажәакала, амцхә ажәа шәаҳаршьуам. Шәахәаԥш Аԥсны аҳҭнықалақь хәылԥазы.
1 / 15

Аҟәа шьыбжьоншьҭахьтәи аԥсабара асахьа ҷыдала иԥшӡоуп, амра цеҩцеҩ аҭашәарахьы ахы архоит, хәылбыҽхатәи ашәаԥшь цәырҵуеит.

2 / 15

Диоскураа рыԥшаҳәаҿы аҳҭнықалақь асасцәа зырлахҿыхша аҭыԥқәа ыҟоуп.

3 / 15

Аҭыԥҳацәа рыхцәы африкаа реиԥш ирԥоит амшын аԥшаҳәаҿы уи атәы здыруа рҿы.

4 / 15

Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы еиврыԥхаа игылоу апальмақәа зқьыла алашарбага ссақәа рыла идырлашоит.

5 / 15

Аӡӷабцәа зегьы бзиа еицырбоит рҩызцәеи дареи аҟәараҿы анеиааира.

6 / 15

"Брехаловка" аҿы, еснагь
еиԥш, иахьа хәлаанӡа ашахмат, адомино, анард асра еизоит аҭыԥантәи ахацәа. Урҭ иагьыхәмаруеит, ауаажәларра змырҭынчуа аусқәагьы ирылацәажәоит.

7 / 15

Аҿарацәа ракәзар, акаҳуа ржәырц, аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа ирылацәажәарц еизоит "Бригантина" аҿы.

8 / 15

Ари акаҳуажәырҭа аҿаԥхьаҵәҟьа уахынла икәалыкәаџьоит аӡыршә ҿыц - Аҟәа ахадара ақалақьуаа ҳамҭас ирырҭаз.

9 / 15

Аҭыԥҳацәа ҳалаԥш ҳзырҟәыгом. Дара аԥшаҳәахьы ианцәырҵуа, ҷыдала рхы-рҿы, рышәҵатәы иацклаԥшуеит, аӡә дубар, аӡә духашҭуа.

10 / 15

Изҭаху алшара рымоуп ашхәа иақәтәаны амшын агәаҟынтәи аҳҭнықалақь иахәаԥшырц.

11 / 15

Шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа аус зуа зегьы рзы игәырԥсаҳәагоуп абас аҟәарахьы иаацәырҵны ҳауа цқьак афара.

12 / 15

Аԥсны, уи анҭыҵ имҩаԥысуа ахҭысқәа ртәы, агәаанагарақәа уҳәа еиуеиԥшым ажәабжьқәа ртәы уаҳар улоит "Брехаловка" аҿы акаҳуа унаҿыхәо.

13 / 15

Амшын аҿықәан инхо ауаа еиҳа ҭынч-ҭынч рыԥсҭазаара рхыргоит, урҭ аԥшаҳәаҿы анеиааира еснагь иахьӡоит.

14 / 15

Ахьҭақәа Аԥсны абҵарамзазоуп еиҳа ианҿало, убри азы уаххьа афара абарҵаҿгьы иҟалоит.

15 / 15

Ажәакала, хәылбыҽхала Аҟәа ҭынчуп, иԥшӡоуп, амшын аҟынтәи иаауа аԥша ухцәы иаласуеит, уахьнеилакгьы, акаҳуа афҩы уԥынҵа иҭасуеит.