https://sputnik-abkhazia.info/20231011/amra-anashalak-aa-khylazy-1048574117.html
Амра анҭашәалак: Аҟәа хәылԥазы
Амра анҭашәалак: Аҟәа хәылԥазы
Sputnik Аҧсны
Sputnik аобиектив аҿы ицәыраагоит иҷыдоу аԥхарра зҵоу, игәыку, аҳауа абзиабара ахьалоу аҟәатәи ахәылԥазқәа. Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьараамҭа нҵәеижьҭеи акрааҵуеит... 11.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-11T22:00+0300
2023-10-11T22:00+0300
2023-10-11T23:19+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/16/1048145193_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_8140f471d176e5b677fdcdaa60d64109.jpg
Sputnik афотокорреспондент аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы хәылԥазыла даанеиааин, Аҟәа амра аҭашәамҭаз иаҵоу агьама афотоқәа рҿы иаҳзааирԥшит - амҩадуқәеи амҩахәасҭақәеи, зҭәымҭа иҭагылоу аҳәсақәеи аҭыԥҳацәа хымкыхқәеи, иахьеи-уахеи "Абыжәырҭа" ("Брехаловка") аҿы гәатабӷата еицәажәо, ихәмаруа ахацәеи уҳәа. Ажәакала, амцхә ажәа шәаҳаршьуам. Шәахәаԥш Аԥсны аҳҭнықалақь хәылԥазы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/16/1048145193_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_033b9ddc569703a7bfe16e55b98fb164.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Амра анҭашәалак: Аҟәа хәылԥазы
22:00 11.10.2023 (ирҿыцуп: 23:19 11.10.2023) Sputnik аобиектив аҿы ицәыраагоит иҷыдоу аԥхарра зҵоу, игәыку, аҳауа абзиабара ахьалоу аҟәатәи ахәылԥазқәа. Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьараамҭа нҵәеижьҭеи акрааҵуеит, аха макьана аԥсшьаҩцәа зыргәырӷьо амш ԥхаррақәа ҟалалоит - "акадифаамҭа" ҳәа ззырҳәо ҳҭагылами!..
Sputnik афотокорреспондент аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы хәылԥазыла даанеиааин, Аҟәа амра аҭашәамҭаз иаҵоу агьама афотоқәа рҿы иаҳзааирԥшит - амҩадуқәеи амҩахәасҭақәеи, зҭәымҭа иҭагылоу аҳәсақәеи аҭыԥҳацәа хымкыхқәеи, иахьеи-уахеи "Абыжәырҭа" ("Брехаловка") аҿы гәатабӷата еицәажәо, ихәмаруа ахацәеи уҳәа. Ажәакала, амцхә ажәа шәаҳаршьуам. Шәахәаԥш Аԥсны аҳҭнықалақь хәылԥазы.

Аҟәа шьыбжьоншьҭахьтәи аԥсабара асахьа ҷыдала иԥшӡоуп, амра цеҩцеҩ аҭашәарахьы ахы архоит, хәылбыҽхатәи ашәаԥшь цәырҵуеит.

Диоскураа рыԥшаҳәаҿы аҳҭнықалақь асасцәа зырлахҿыхша аҭыԥқәа ыҟоуп.

Аҭыԥҳацәа рыхцәы африкаа реиԥш ирԥоит амшын аԥшаҳәаҿы уи атәы здыруа рҿы.

Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы еиврыԥхаа игылоу апальмақәа зқьыла алашарбага ссақәа рыла идырлашоит.

Аӡӷабцәа зегьы бзиа еицырбоит рҩызцәеи дареи аҟәараҿы анеиааира.

"Брехаловка" аҿы, еснагь
еиԥш, иахьа хәлаанӡа ашахмат, адомино, анард асра еизоит аҭыԥантәи ахацәа. Урҭ иагьыхәмаруеит, ауаажәларра змырҭынчуа аусқәагьы ирылацәажәоит.

Аҿарацәа ракәзар, акаҳуа ржәырц, аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа ирылацәажәарц еизоит "Бригантина" аҿы.

Ари акаҳуажәырҭа аҿаԥхьаҵәҟьа уахынла икәалыкәаџьоит аӡыршә ҿыц - Аҟәа ахадара ақалақьуаа ҳамҭас ирырҭаз.

Аҭыԥҳацәа ҳалаԥш ҳзырҟәыгом. Дара аԥшаҳәахьы ианцәырҵуа, ҷыдала рхы-рҿы, рышәҵатәы иацклаԥшуеит, аӡә дубар, аӡә духашҭуа.

Изҭаху алшара рымоуп ашхәа иақәтәаны амшын агәаҟынтәи аҳҭнықалақь иахәаԥшырц.

Шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа аус зуа зегьы рзы игәырԥсаҳәагоуп абас аҟәарахьы иаацәырҵны ҳауа цқьак афара.

Аԥсны, уи анҭыҵ имҩаԥысуа ахҭысқәа ртәы, агәаанагарақәа уҳәа еиуеиԥшым ажәабжьқәа ртәы уаҳар улоит "Брехаловка" аҿы акаҳуа унаҿыхәо.

Амшын аҿықәан инхо ауаа еиҳа ҭынч-ҭынч рыԥсҭазаара рхыргоит, урҭ аԥшаҳәаҿы анеиааира еснагь иахьӡоит.

Ахьҭақәа Аԥсны абҵарамзазоуп еиҳа ианҿало, убри азы уаххьа афара абарҵаҿгьы иҟалоит.

Ажәакала, хәылбыҽхала Аҟәа ҭынчуп, иԥшӡоуп, амшын аҟынтәи иаауа аԥша ухцәы иаласуеит, уахьнеилакгьы, акаҳуа афҩы уԥынҵа иҭасуеит.