Аԥсны

Аслан Бжьаниа аруаа Аԥсны Арбџьармчқәа 31 шықәса рхыҵра рыдиныҳәалеит

1992 шықәса жьҭаара 11 рзы иаԥҵан Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи, Арбџьармчқәеи, Аштаб хадеи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аррамаҵзурауаа ирыдиныҳәалеит Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 31 шықәса аҵра ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи Арбџьармчқәеи шаԥҵаз еиҳа иуадаҩыз аамҭаз – Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз. Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар аибашьраҿы иргаз аиааира раԥхьа иргыланы изыбзоуроу усҟан Арбџьармчқәа ахьаԥырҵаз шакәу.
"Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи Арбџьармчқәеи раԥҵара ахыҵхырҭаҟны игылаз адҵаҟаҵаҩцәа, схырхәоит Аԥсадгьыл хьчо зырратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз ргәалашәара аҿаԥхьа. Урҭ рыхьӡқәа наунагӡа ҳтәыла аҭоурых иазынхоит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.
Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны АМ ареспублика аҭынчра, ашәарҭадара, аҭышәынтәалара ишахылаԥшуа.
"Аҳәынҭқарра атәыла Арбџьармчқәа рырҿиареи рырӷәӷәареи ишазхьаԥшлац иазхьаԥшлоит. Ҳаамҭазтәи агеополитикатә ҭагылазаашьа, ашәарҭарақәа ҳтәылахьчаратә усхк еиҳа-еиҳа ишеиӷьтәлатәу, ишырӷәӷәалатәу ҳдырбоит", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Иара иҳәеит ишаԥҵоу архәҭа ҿыцқәа – ахара икылкааны ихысуа абџьар зхы иазырхәо. Аҳәынҭқарра ахада иус хаданы ишьоит ҳаамҭа иақәшәо ар реибыҭара, реиҿкаара.
Аԥсны
Аԥсуа ар аԥҵоижьҭеи 31 шықәса ҵит