Аԥсны

Аԥсны АҶА ашьхараҿы ибжьаӡыз ахаҵа иԥшаара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. АҶА аиқәырхаҩцәа ашьхараҿы ибжьаӡыз 56 шықәса зхыҵуа Оҭҳара ақыҭа анхаҩы Нури Сыҷынаа иԥшаара иалагеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥшаарақәа цоит амш шыцәгьоугьы. Аминистр Лев Кәыҵниа иахьыԥшаауа аҵакыра хаҭала авертолиот ала дахыԥрааит.