Аԥсны

Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран 101 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Екатерина Синиавскаиа дынхоит Гәылрыԥшь араион, Агәыӡера аҳаблаҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Екатерина Синиавскаиа 101 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩни Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи рхаҭарнакцәа ҳәа аанацҳауеит Москва Аҩны апресс-маҵзура.
Аветеран илырҭеит аҳамҭақәа, илзеиӷьаршьеит агәабзиара, аҭынчра, агәалаҟазаара бзиа.
Екатерина Синиавскаиа: аибашьра сцеит 18 шықәса ансхыҵуаз
1942 шықәсазы Синиавскаиа Ар Ҟаԥшь дрылалеит. Екатерина Уасил-иԥҳа аԥхьа Баҭымтәи абаӷәаза зыхьчоз ротриад далан. 3,5 шықәса рышьҭахь Аҟәаҟа даарышьҭит аихамҩацҳақәа зыхьчоз 20-тәи азенит-пулемиоттә батареиа акомсоргс.
Аибашьра анҵәамҭаз Екатерина Синиавскаиа дызлаз адивизион Мрагылара Хараҟа ирышьҭит. Лара уа дыҟан 1945 шықәса, абҵарамзанӡа. Иланашьоуп: аорден "Аџьынџьтәылатә еибашьразы II аҩаӡара аорден", амедалқәа "Аибашьратә лшамҭақәа рзы", " Кавказ ахьчараз", " Германиа аиааираз", " Иапониа аиааираз".
55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны атәылауаа 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҟны еибашьуан, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык рыҩныҟа изымхынҳәӡеит, 22-ҩык Аԥсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан.