Арадио

Кәартаа Гал ақыҭанхамҩатә џьармыкьазы: аалыҵқәа ргьамагьы убоит, иааухәаргьы ҟалоит

Жьҭаара 13 рзы Гал имҩаԥысран иҟоуп ақыҭанхамҩатә џьармыкьа-афестиваль. Иара азкуп ақалақь 91 шықәса ахыҵра. Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Кәартаа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусмҩаԥгатә шеиҿкаахо.
Sputnik
Гал араион ахадара ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аиҿкаара иаҿуп, қыҭацыԥхьаӡа ицәырыргоит раалыҵқәа, рчеиџьыка ҳәа азгәеиҭеит Кәартаа.
"Асасцәа инеиуа зегьы уи агьама рбартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵахоит. Ацха зыԥшуа дыҟоуп араион аҿы, ашәқәа еилазҵо, аџьынџьыхәақәа ҟазҵо, даргьы раалыҵ ӡырыргартә еиԥш алшара роуеит. Иқәгылоит араион аҟынтә арҿиаратә гәыԥқәа, ааԥхьарагьы рымоуп Очамчыреи Тҟәарчали рҟынтә. Аџьармыкьаҿы иҟалоит аҟазацәа русумҭақәа рыманы. Хазы еицлабуеит ашколхәыҷқәагьы, дара есышықәса ашколқәа рҿы имҩаԥыргоит ҭагалан аныҳәа, сынтәа уи амҽхак иаҳа иҭбаахоит, ақалақь абаҳчаҿы иҟарҵоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәартаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.