Аԥсны

Урыстәыла Аахыҵ Кавказ аҭышәынтәаларазы аиҿцәажәарақәа Женевантәи ииагазар ауеит рҳәоит

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа Женевантәи даҽаџьара ииагазар ауеит, Швеицариа урыстәылатәи аделегациақәа русура иаԥырхагоу ашьаҿақәа шыҟарҵац иҟарҵало иалагар ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ихьыԥшым амилаҭқәа реиҿкаараҿы Урыстәылатәи Афедерациа еснагьтәи ахаҭарнак Геннади Гатилов.
Уаанӡа иара иҳәахьан Урыстәыла иаҿагылоу швеицариатәи аполитика уи атәылаҿы имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәа анырра рырҭоит, авизақәа роураан абиурократиатә проблема ҿыцқәа цәырыргоит.

"Убри азы, швеицариатәи аиҳабыра рганахьала аԥырхага ҿыцқәа цәырҵуа иалагар, хазы игоу аусмҩаԥгатәқәа, иаагозар, Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа Женевантәи даҽаџьара, уи алахәылацәа зегьы ирзыманшәалоу ҭыԥк ахь ииагазар ауеит", - иҳәеит адипломат.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс. Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи Қырҭтәыла аарыԥхьоит амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц.
Швеицариа Урыстәылатәи Афедерациа иаҿагылоу Европа атәылақәа иаларгалаз асанкциақәа ирыдгылеит 2022 шықәса жәабран 24 инаркны.