Аԥсны

Аҳәатәи аҳәашьеи: Аԥсны ахәқәа рымҩақәҵара заҭаху

Sputnik
Sputnik Аԥсны арадиодырраҭара ҿыц "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҩбатәи аҭыжьымҭа ааҳадгылеит. Иахьа уи амҩаԥгаҩцәеи асасцәеи алацәажәеит ауаа рекономикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы аҳәынҭқарраҿы ахәқәа рымҩақәҵара шаҭаху атәы. Уи азы Елеонора Коӷониаԥҳаи Инал Лазбеи ааԥхьара рырҭеит Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиеи Жәлар рпартиа ахантәаҩы Шамиль Аӡынбеи. Убасгьы ҭелла рыҽлымардеит Аҟәа ақалақьтә еизара аусзуҩ, хҩык ахәыҷқәа ран Илона Кәыҵниаԥҳа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи авидеодырраҭара.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефир аҿы есԥшьаша иҟоуп асааҭ 13 инаркны 14-нӡа.