Sputnik Аԥсны арадиодырраҭара ҿыц "Аҳәатәи аҳәашьеи" уажәтәи аҭыжьымҭаҿы иалацәажәеит ауаа рыбзазара аиӷьтәразы аҳәынҭқарраҿы ахәқәа рымҩақәҵара шаҭаху атәы. Астудиа иасасцәан Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар рпартиа ахантәаҩы Шамиль Аӡынба. Убасгьы ҭелла адырраҭара зхы алазырхәыз Аҟәа ақалақьтә еизара аусзуҩ Илона Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит ахәқәа рышьҭыҵра шылныԥшуа.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефир аҿы есԥшьаша иҟоуп асааҭ 13 инаркны 14-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.