Аԥсны

Аԥсны атранспорт хархәагақәа ирықәырҵо ашәахтә зыԥҵәа иацлар ҟалоит

Аԥсны амҩатә фонд аус аднаулеит азакәан апроект, уи ашықәс нҵәаанӡа Жәлар Реизараҿы иахәаԥшраны иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. 2026 шықәсазы Аԥсны атранспорт хархәагақәа ирықәырҵо ашәахтә зыԥҵәа хынтәны иацлар ҟалоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Ҵәыџьба.
Аԥсны амҩатә фонд аус зыднаулаз азакәан апроект ашықәс нҵәаанӡа Жәлар Реизараҿы иахәаԥшраны иҟоуп.
Ҵәыџьба иажәақәа рыла, ари иалнаршоит афонд абиуџьет 300 миллион рҟынӡа ашьҭыхра. Иара иҳәеит атарифтә каҭа арныҟәага амчхара ишахьырԥшхо.
"100 ҽык рымч змоу арныҟәагаз уажәы ахәшәара 600-1500 мааҭ иҟазар, 2026 шықәсазы 1500-и еиҳани ихалоит", - иҳәеит иара.
Ҵәыџьба иажәақәа рыла иазԥхьагәаҭоуп афонд абиуџьет ахь аҳәаанырцә транспорт хархәагақәа рыԥгаԥсаҟынтәи инеиларц 20%.
Иара иазиԥхьаӡоит абиуџьет ашьҭыхра аремонттәии аиҭашьақәыргыларатәии усурақәа рымҩаԥгара алнаршоит ҳәа, 40 миллион мааҭ зҭаху Гагра атоннельқәа аремонт рзууртә иҟалоит ҳәа.