АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik. Шьамтәыла атәылауаҩ Амер Халил гыгшәыгрыла ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа ахара идызҵо ашьаус Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аӡбарҭа иара мчыла аҽыхәышәтәра дышьҭтәуп ҳәа азҵаара иахәаԥшраны иҟоуп.
Аӡбарҭатә психологиа-психиатриатә експертиза азгәаҭала, Халил ипсихика шьақәҟьоуп ихшыбаҩ аорганикатә чмазара ахьамоу азы. Уи иҟаиҵо изеилкааӡомызт. Ихазгьы иааигәа иҟоу рызгьы оумакала дшәарҭоуп.
2022 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы Амер Халил ижәны игәылаԥҳәыс, Урыстәыла атәылауаҩ Лиутова длеисит, хыԥхьаӡара рацәала, 87 рҟынӡа ахәрақәа лиҭеит.
Ацәгьоура ҟалеит Аҟәа Атоннельтә мҩаҿы. Аԥҳәыс илоуз ахәрақәа ирхырҟьаны лыԥсҭазаара далҵит.