АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ауаҩшьреи ауаҩшьра аҽазышәареи харас издырҵо Шьақро Гьергьедаа мчыла дхәышәтәтәуп ҳәа ақәҵара иахәаԥшраны иҟоуп, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аӡбарҭатә психологиа-психиатриатә експертиза азгәаҭала, иара ихы издыруам, ииҳәо-ииуа изеилкаауам. Ихазгьы иааигәа иҟоу рызгьы оумакала дшәарҭоуп.
Заатәи ашьаусҭҵаара излаҳәо ала, Гьергьедаа Кәыкаа Сыҷынааи гәҩарас иман ақырҭуа диверсиа-террористтә гәыԥ аус рыцыруеит, иҷкәын 2015 шықәса рзы дырӷьичит ҳәа.
2023 шықәса мшаԥы 12 рзы Гал араион Хьацҳа ақыҭан Гьергьедаа Кәыкаа диеихсит, аха дизымшьит, Сыҷынаа ҳәызбала дихәын, дишьит.