Арадио

Аҳақьым агрипп аҟынтә алаҵаҟаҵаразы: абаржәы аамҭа бзиоуп

Уажәтәи аамҭазы иҟоу авирусқәа рзы агәҽанызаара, урҭ еиҩдыраашьас ирымоу, иаҳа имарианы иухыугарц азы иҟаҵатәу, абрҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит атәыла атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
Sputnik
Аҳақьым иазгәалҭеит цәыббрамзазы ишырацәаз аимҳәаршәаа змаз, агәаҵәкра захьыз, иҟан 160-ҩык инареиҳаны акороновирус чымазара ззышьақәыргылазгьы ҳәа.
"Агрипп чымазара ҳазыԥшуп ари амза анҵәамҭа, абҵарамза ҳанҭало. Ашықәс ҿыц ҳаназааигәахо ауп уи ачымазара хкы иаҳа ианырацәахо. Авирусқәа реиҳарак раан ауаҩы ихы, ихәда ихьуеит, ишоура халоит, аимҳәара далагоит. Акороновирусгьы егьырҭ ачымазарақәагьы рхы еиԥшны иаадырԥшуеит", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Аҳақьым еиҭалҳәеит алаҵаҟаҵара ауаҩы ишҽазирхиаша, иазгәалҭеит агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы уажәы иаҳа иманшәалоу аамҭаны ишыҟоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.