2023 шықәса жьҭаара 1 инаркны ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуеит 18 инаркны 27 шықәса зхыҵуа атәылауаа аррахь рнаԥхьара. Шықәсыкахь ҩынтә атәылаҿы имҩаԥысуа ааԥхьара иаҵанакуа рҟынтәи зграждантә уалԥшьа анагӡара иазхиоу зынӡа имаҷуп. Изыхҟьои ари, мзыз хадас иамоузеи аҿар аррамаҵура аҟынтә рҽԥхьакра. Ашкол аамҭазы арԥарцәа идырктәу агәыбылреи, ирызнагатәу ииашоу апатриоттә ааӡареи ҳрылацәажәоит иахьа. Ҳастудиаҿы дыҟоуп Аҟәатәи 5-тәи абжьаратә школ арра анаԥхьараанӡатәи азыҟаҵареи аҳәынҭқарратә хыхьчареи рырҵаҩы Денис Кәыткаиа, убасгьы ҭелла ҳаҽимаҳдоит Рекатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа арра аус рызназго Иури Қәычбериа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.