Гәыԥ инхо Анзор Багаҭелиа еиҭеиҳәеит ақыҭаҟны хныҟәгагас ирымоу, арахә рааӡара, аџьықәреи аарыхра, ашәыр ааӡара уҳәа анхаҩы иусқәеи арбџьарымчқәа рҟны имаҵзуреи шеилеигӡо. Иазгәеиҭеит анхаҩы ихы ибарц азы ихымԥадатәны дызлеиқәыршәатәу, уадаҩрас ирымоу дахьынхо аҳаблаҟны.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.