Урыстәыла

Урыстәыла абанк еиҭарҿыцу зқьи хәнызқьи мааҭ иҟоу ақьаадԥара ӡырнагеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Урыстәыла абанк еиҭарҿыцу зқьи хәнызқьи мааҭ иҟоу ақьаадԥара ӡырнагеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Зықьмааҭ иҟоу аԥара иануп ақалақьқәа Казани Алада Новгороди рҭыԥ ԥшӡарақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Кремль, Нижегородтәи аиармарка ахыбра, Чкаловтәи амардуан, Аҳәынҭбанк, "Алада Новгород" астадион, Максим Горьки ибаҟа, Волга, Сиуибик абааш, аҳәырԥсарра "Городиәе", Казань рҭаацәа Рцентр.
Хәнызқь мааҭ иҟоу аԥара иануп Урал аԥшӡарақәа-Севастьянов иҩны, аӡиас Исеть аӡҭарчы, Екатеринбург асахьа, уралтәи атанктә корпус ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа, уралтәи ашьхеибаркыра, аскульптура "Урыстәыла", анефтьыҵхратәии агазыҵхратәии рааглых хыбрақәа, амалахиттә ваза, агәаларшәагатә дырга "Европа-Азия", абаҟақәа "Тыл — фронту", "Сказ об Урале".
Иазгәаҭоуп, ақьаадԥарақәа ахьчаратә дыргақәа шрымоуп, уажәы ахархәара змоу раасҭа.