Ахәырма ахьӡ латын бызшәала иаанаго "агәазы аҵәа" ҳәоуп. Иҟалоит жьҭаарамзазы.
Ахәырмахкқәа рацәоуп, аха аиҳарак иалаҵәаны иҟоу "ацәгәы", "ашоколадтә", "акоролиок" роуп.
Ахәырма акалори маҷны иалоуп, 100 граммк рҿы иҟоу 67 ккал роуп. Ашьақар рацәаны иалаӡам, 80% ӡуп, ашьаҿы ашьақар ашьҭыҵра алнаршаӡом, арацәаӡы алоуп.
Ахәырма ргәыцуп ҳәа иахьыԥхьаӡоу аҟынтә арасеи, аиогурти, ашәқәеи иареи еидукылар, еинаалоит. Иҟалоит аԥсаатә акәац, ауасажьы, акәац ирыдугаларгьы.
Ахәырма ахәарҭара
Ахәызша асезонтә шәырқәеи ауҭраҭыхқәеи ралагалара даара ихәарҭоуп агәабзиаразы. Ахәырмагьы абрахь иаҵанакуеит.
Ахәырма афатәырсараз ихәарҭоуп, арҳәарах аусура иацхраауеит, ацаӡы ылнагоит. Иара убасгьы ашьазы ихәарҭоуп. Агемоглобин лаҟәызар, ахәырма аеритроцитқәа ирзырҳаны ашьа арыцқьоит, ашьадақәа арҟәатоит.
Авитамин А-и бета-каротини ахәырмаҿ ирацәоуп, алабара еиӷьыртәуеит, авитамин С акәзар, аиммунитет арӷәӷәоит.
Иара убасгьы ахәырма иалоуп аиод. Ахәырма иеиҵанатәуеит аҷаҷа ахаҳә амазаара, ацәеижь аџьыка алнагоит. Израильтәи аҵарауаа иазгәарҭеит ахәырма агәыхь ацәырҵра шыхнаҽуа, ахолестерин "бааԥс" шықәнаго.
Ахәырма зфар ҟамло
Аха абриаҟара хәарҭара злоу ахәырма зегьы ирфар ҟалаӡом. Иҟоуп изнымаало, иара убасгьы ахәырма рзыфаӡом ашьақарчымазара змоу, изцу, аҷаҷатә проблема змоу, аца-рҳәарах ахьаа зауа.
Иара убасгьы хышықәса зхымҵыц ахәыҷқәагьы ахәырма рыҭара бзианы ишьам, избанзар иара иалоу атанин амгәа ахьаа рызцәырнагар ауеит, афатәырсара иаԥырхагаханы.