Тҟәарчалтәи атеатр есышықәса қәыргыламҭа ҿыцк ахәаԥшҩы иднагалароуп ирзаԥҵәоу аԥара ҳасаб азуны иҳәеит Гәынба. Ақәыргыламҭа "Асабша ашьыбжьышьҭахь" акырӷыз жәлар рышәҟыҩҩы, адраматург, аиҭагаҩ, ажурналист Мар Баиджиев иҩымҭоуп. Апиеса еиҭеигеит, аԥсуа цәа ахеиҵеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист, Тҟәарчалтәи атеатр арежиссиор хада Сырбеи Сангәылиа.
"Аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа, рдоуҳа аанарԥшуеит, арахь ииеигеит Сырбеи Сангәылиа, ибзиангьы иқәҿиеит. Аҿар ирбаргьы бзиоуп, ахәаԥшцәа иргәаԥхап ҳәа агәаанагара ҳамоуп", - иҳәеит Гәынба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.