Аԥсны

Гаглоев: Зеленски Қырҭтәылахь иааԥхьара киевтәи арежим аҵыхәтәа иарбагоуп

Уаанӡа, Швециа, Еиду аекспедициатә мчрақәа рсаммит аҿы дықәгыло Владимир Зеленски Қырҭтәылахь ааԥхьара ҟаиҵеит иацәыӡыз аҵакырақәа еибашьрыла идырхынҳәырц.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. Украина ахада Қырҭтәыла иацәыӡыз аҵакырақәа еибашьрыла иархынҳәырц иааԥхьара киевтәи арежим аҵыхәтәа иарбагоуп иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

"Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭа ирежим аҵыхәтәа шааиуа ҳнарбоит. Аибашьра адәаҿы ианаҵахо ирҭаху акоуп – адунеи зегьы амцашыра ралагалара", - иҳәеит ахада.

Гаглоев иазгәеиҭеит украинатәи афашизм аидеологиа мзызны ишазыҟоу шәҩыла ауаԥсаа арратә операциа ҷыда ралахәхара.
Украина арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь Киеви мраҭашәаратәи апартниорцәеи Қарҭ аҩбатәи афронт аанартырц иақәыӷәӷәо иалагеит. Қырҭтәыла амчрақәа атәыла Урыстәыла иаҿагыланы ақәгылара мап ацәыркит, иара убасгьы Қарҭ Урыстәыла иаҿагылоз асанкциақәагьы ирыдымгылеит.