Урыстәыла

Шоигу еиҭеиҳәеит Урыстәыла мраҭашәаратәи аҳәаақәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Аҩадаатлантикатәи алианс атәылақәа лассы-лассы арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит Урыстәылеи Беларуси дареи еибашьуашәа асценари ҟаҵаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Урыстәылеи Беларуси Реидгылатә ҳәынҭқарра аҳәаақәа ирываршәны аҭагылазаашьа еибарххоуп НАТО аӷыӷеибаркра рхы ахьазыршьҭуа иахҟьаны, абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.
"Алианс мрагыларатәи аган ала лассы-лассы арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит Урыстәылеи Беларуси дареи еибашьуашәа асценари ҟаҵаны. Еиду Америкатәи аштатқәа рстратегиатә авиациеи НАТО аиадертә мчқәеи аус адырулоит аиадертә бџьар ахархәара", – иҳәеит иара.
Аминистр иазгәеиҭеит 2022 шықәса жәабранмза инаркны НАТО ар Мрагыларатәи Европеи балтиатәи атәылақәеи иахьрыҵанакуа иахьгылоу ахыԥхьаӡара ҩынтәи-бжаки рыла ишеиҳахаз, уи алагь 30 нызқьҩык инареиҳахеит.