АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы аесесуаҩ Иарослав Хунке (Гунко) Аибашьра Ду аан Львовтәи аобласт аҿы аҭынчуаа нирҵәон ҳәа ахара иднаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аусҭҵааҩцәа Урыстәыла архиви Атәылахьчара архиви рҟынтәи ироуит адокументқәа, ахатәгәаԥхаралатә дивизиа СС "Галичина" ахьеибашьуаз аҭыԥқәа арбаны. 1943 шықәсазы адивизиахь ирыдыркылон украинаа. Гунко хатәгәаԥхарала адивизиа далалеит.
"Галичина" ахаҭарнакцәа анацизм аидеиақәа ирыдгылон. 1944 шықәса жәабран 23 - 28 рыҩнуҵҟа аиланхарҭа Гута Пениацкаиа аҿы Хунки ицеибашьуази 500-ҩык инарзынаԥшуа асовет уааԥсыра ндырҵәеит – ириехсны иршьуан, аҩнқәа ирыларбылуан.
Уажәы ирыӡбоит Иарослав Гунко жәларбжьаратәи ашьҭазаара иҭара азҵаара. Аусҭҵааҩцәа Канада, Польша, Беларус рахь ашәҟәқәа нарышьҭит азинтә цхырааразы.