Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, амедеиҳәшьа, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Марина Ҷанԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит леибашьратә мҩа шалагаз, дзыниаз, иахьагьы илхамшҭуа ахҭысқәа ртәы.
Аибашьра ианалага Марина Ҷанԥҳа 30 шықәса лхыҵуан, лыҷкәын 12 шықәса дырҭан. Лара лажәақәа рыла, еибашьра ацара лгәы иҭамызт, аԥхьатәи амшқәа инаркны жьҭаарамзанӡа рхәы ҟалҵон абна илаз аԥсуа еибашьцәа, анаҩс агәыԥ "Удав" даланы ацхыраара рылҭон ахәцәа, амедицинатә ҵара илымаз аибашьраҟны лхы иалырхәон.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.