АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. 40 000-ҩык апассаџьырцәа мҩаннагеит атурдәыӷба "Шәача" 2023 шықәсазы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аихамҩақәа.
Адәыӷба ҩаԥхьа иныҟәоит аныҳәамшқәа рзы – ԥхынҷкәын 31, ажьырныҳәа 2-7 рзы.
2020 шықәсаахыс аретро-турдәыӷба "Шәача" Аԥсныҟа иныҟәоит. Абри аамҭала иара имҩаннагахьеит 150 000-ҩык апассаџьырцәа.
Сынтәа адәыӷба аамҭеихшанҵа ԥсахын. Мчыбжьык ахь фымш, аҩаша ада, асааҭ 04:20 рзы Тҟәаԥс иқәҵуан, Гаграҟа иааиуан асааҭ 09:45 рзы. Ахәылбыҽха Гагра иқәҵуан асааҭ 19:25 рзы, Тҟәаԥс инеиуан асааҭ 01:05 рзы. Хашала шәачатәи авокзал аҟынтәи иқәҵуан. Атуристә ретро-дәыӷба 10 вагонк рыла ишьақәгылоуп, 386-ҩык апассаџьырцәа рҭыԥ амоуп.
Авагонқәа асовет аамҭаан ишыҟаз еиԥшны иҟаҵоуп, аха убри аан иахьатәи аманшәаларақәа зегь амоуп. 2023 шықәсазы адәыӷба иацрарҳәеит анаԥшааԥшырҭатә вагон.