Дәрыԥшь ақыҭан инхо Сариа Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥсуа ишҭа ҭбаа илзацу абзиабара атәы, уи илнаҭо амч, насгьы ақыҭаҿы анхара агәыбылра ашьҭкаара зыбзоуроу.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.