Аԥсны

Путин Аԥсны аветеранцәа Кавказ азы аибашьраҿы аиааира 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Кавказ азы аибашьра - Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан реиҳа еиҵыхыз қәԥаран, уи иалагеит 1942 шықәса ԥхынгәы 25 рзы, ихыркәшан 1943 шықәса жьҭаара 9 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны инхо Кавказ ахақәиҭтәразы аибашьра иалахәыз аветеранцәа аиааира ргеижьҭеи 80 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ареспубликаҿы иҟоу ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа шьаҭас иганы.
Нонна Дорофеева, Ардаваст Сельвиан, Екатерина Синиавскаиа, иара убас Сталинградтәи Курсктәи аибашьреи ирылахәыз Валентина Шульгинеи ирыдныҳәалеит адипусбарҭеи Аҟәа иҟоу "Москва Аҩни" рхаҭарнакцәа, урыстәылатәи аицџьынџьуаа.
"Ар Ҟаԥшь ари арратә операциа ду аҿы аиааира ахьагаз аибашьра зегьы алахьынҵа аӡбеит. Шәара шәфырхацәа иашақәоуп, шәара аӷа иҿаԥхьа згәы меиҭаԥаз, зхи-хыԥси ирмеигӡаз ҳҵеицәа Аиааира шәырааигәон, шьаҿа-шьаҿала шәџьынџь ахы иақәиҭтәуа", - ҳәа ануп Урыстәыла ахада иааишьҭыз ателеграммаҿы.
1 / 2

Путин Аԥсны аветеранцәа Кавказ азы аибашьраҿы аиааира 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

2 / 2

Путин Аԥсны аветеранцәа Кавказ азы аибашьраҿы аиааира 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Кавказ азы аибашьра иалагеит ԥхынгәымза 1942 шықәсазы, анемеццәа шьҭахьҟа рыԥхьацара алыршахеит 442 мшы рышьҭахь – жьҭаара 9 1943 шықәсазы. Абаҟа ахьыргылоу Аԥсны ашьхахыҵырҭа Пыв ала Аҟәатәи, Гәдоуҭатәи, Гагратәи аотриадқәа, иара убасгьы еидҵаз аотриад "Ԥсҳәы" злахәыз Санчаратәи ахырхарҭа ар мҩасуан.
Ԥхынгәы 31, 2020 шықәсазы Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит жьҭаара 9 Кавказ азы аибашьраҟны анемец-фашист ар реилаԥыххаара Амш акәны изшьо азакәан.
Аԥсны
Кавказ азы аибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит ашьхахыҵырҭа Пыв аҿы