Аԥсны

"Ҭагалан аԥшшәыхәқәа": Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы арт-пленер шымҩаԥысыз

VIII жәларбжьаратәи арт-пленер “Ҭагалан аԥшшәыхәқәа” мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаара 21 инаркны.
Sputnik
Уи иалахәу Аԥсны, Нхыҵ Кавказ, Москва, Санкт-Петербург рҟынтәи асахьаҭыхцәа аӡиа Риҵеи Афон ҿыци инеихьеит. Апленер аԥшьбатәи амш азы урҭ Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы асахьа ҭырхырц алшара рыман.
1 / 14

VIII жәларбжьаратәи арт-пленер “Ҭагалан аԥшшәыхәқәа” мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаара 21 инаркны.

2 / 14

Уи иалахәуп Аԥсны, Нхыҵ Кавказ, Москва, Санкт-Петербург рҟынтәи асахьаҭыхцәа.

3 / 14

Апроект алахәылацәа аӡиа Риҵеи Афон ҿыци инеихьеит.

4 / 14

Иара убас аҿыханҵаҩцәа алшара роуеит Кындыӷ иҟоу абаа Сан-Томазо аҿы аетиудқәа рыҩра.

5 / 14

Апленер аԥшьбатәи амш азы асахьаҭыхцәа Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы асахьа ҭырхырц алшара рыман.

6 / 14

Урҭ зегьы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы иаҳа иахьыргәаԥхоз иаангыланы иҭыхуан.

7 / 14

Аӡәы "Абыжәырҭа" дагәыдыԥшыло дтәеит.

8 / 14

Даҽаӡәых - атеатр ашҭеи агрифонқәеи дрыхәԥшуа дҭыхуеит.

9 / 14

Досу иахьиҭаху дтәозаргьы, дара зегьы еидызкыло акы ыҟоуп.

10 / 14

Ирымбац, изышьцылам аҭыԥ аҿы инеины, апеизажи архитектуреи аҷыдарақәа ҳасаб рзуны, амш аҽеиҭакрақәа рымшала зҽызыԥсахуа аԥшшәхәқәа идмырҩашьакәа, досу игәы ишаныруа еиԥш асахьаркыратә цәаҩа аарԥшра рыхәҭоуп.

11 / 14

Ари зегьы усҟак имариам иагьа аԥышәа змоу асахьаҭыхыҩ уакәзаргьы.

12 / 14

Асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа еиҳарак ирҭаху - ирласны аетиудқәа рҭыхшьа аҵара ауп.

13 / 14

Арт-пленер жьҭаара 26 рҟынӡа ицалоит.

14 / 14

Жьҭаара 26 рзы Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы арт-пленер алахәылацәа реихшьалатә цәыргақәҵа ҟалоит.

Завершится арт-пленэр 26 октября - в Центральном выставочном зале пройдет выставка, на которой будут представлены все работы, нарисованные участниками за это время.