Урыстәыла

Амшын еиқәаҿы урыстәылатәи ар украинатәи аӡхыхьтә дронқәа хԥа ҭадырхеит

Украинатәи аруаа аамҭа-аамҭала Ҟрым иҟоу аобиектқәа адронқәа рыла рыжәлара мҩаԥыргоит, адиверсиатә гәыԥқәа нарышьҭуеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. Амшын еиқәа аҵакыраҿы урыстәылатәи ар украинатәи аӡхыхьтә дронқәа хԥа ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Жьҭаара 24 асааҭ 4.00 рзы Амшын еиқәа аҩадатәи ахәҭаҿы атеххникатә хархәагақәа иазгәарҭеит аныҟәгаҩ дызмам Украина АМФ акатерқәа хԥа. Иазгәаҭаз аҭыԥ иазырханы аракета-бомбатә комплексқәа рыла ихысын", – аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭа иазгәанаҭоит Севастопольтәи ашыцә анҭыҵ аруаа ишымҩаԥырго аминаҿагыларатәии адиверсиаҿагыларатәии уснагӡатәқәа. Украинатәи аруаа аамҭа-аамҭала Ҟрым иҟоу аобиектқәа адронқәа рыла рыжәлара мҩаԥыргоит, адиверсиатә гәыԥқәа нарышьҭуеит.
Уаанӡа, жьҭаара 17 азы иҭархан арныҟәаҩ дымам акатер, уи аԥхьа адронқәа хԥа кажьын адгьылбжьаха Змеиныи аҿы.
Урыстәыла
Аракетақәа "Кинжал" рыла еиқәыршәоу урыстәылатәи аҳаирпланқәа Амшын еиқәа иахылаԥшлоит