Иара иазгәеиҭеит Гагра ахаҿра аҽшаԥсахуа, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа, ишаатуа асасааирҭақәа.
"Сынтәатәи акурорттә сезон бзиан уҳәар алшоит, аха иҵегьы еиӷьхар ауан. Аԥырхага ҳауит аԥсабаратә еиҭакрақәа ирыхҟьаны, аԥхын алагамҭагьы ӡысаамҭахеит", - иҳәеит Бганба.
Иара иазгәеиҭеит ҵыԥх Гагра аҩнуҵҟа 21 нызқь аиара-ҭыԥ ыҟазҭгьы, сынтәа 24 нызқьи 500 иара-ҭыԥ рҟынӡа ыҟоуп. Сынтәа цәыббрамза налаҵаны Гагра иахьаҵанакуа рыԥсы ршьеит 240 нызқьҩык атуристцәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар алшоит аудиофаил аҟны хыхь.