Арадио

Чкотуа Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәазы: гәыбӷанк ҳарымҭартә иҟаҳҵоит

Sputnik
Ҽаҩраҭагалан Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа мҩаԥыргоит. Ари аамҭазы анхацәа, шамахамзар, раарыхра ҭаргалоит, иҭарҭәоит аҩы. Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа азгәаҭара хацдыркхьан асовет аамҭақәа раан. Уи атрадициа мырӡӡакәан иахьагьы иацырҵоит, шыкәсқәак еиуеиԥшым ахҭысқәа ирыхҟьаны изымҩаԥымсзаргьы. Уажәы Лыхнашҭа аныҳәа еиҿкаахоит абҵара 12 рзы. Уи шымҩаԥысуа, рышҽазыҟарҵо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Лыхны ақыҭа ахада Џьансыхә Чкотуа.
Сынтәа аныҳәа абҵарамзахь ииагоуп, избанзар еиуеиԥшым агәырӷьаратә уснагӡатәқәа еиқәшәеит: Аиааира 30 шықәса ахыҵра, аҽырыҩрақәа иҳәеит Чкотуа. Сынтәа аҽаҩра маҷзаргьы, анхацәа ирымоу ахәыҷы аныҳәаҟны ицәырыргоит ҳәа азгәеиҭеит Лыхны ахада.
"Иаҳзааиуа асас инакәызаалакгьы пату иқәаҳҵоит, амла дакны араантә дҳашьҭуам. Ишахәҭоу еиԥш зегьы ԥшӡала акрырҿаҵаны, идыржәны, гәыбӷанк ҳарымҭартә иҟаҳҵоит", - иҳәеит Чкотуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.