Аԥсны

Кьылак еиҳаны амарихуана имырхит Аҟәа араион анхаҩы

Аоперативтә информациа нарыгӡон Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭа анхаҩы Оҭар Гәыблиа иҩны анеимырдоз, идырбалеит 1,2 кьыла амарихуана, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.
46 шықәса зхыҵуа Гәыблиа иҿы ирбеит ирҩаны иҟаз аҵиаашьапқәа, иара убас анаркотикатә маҭәашьар злоу даҽа ҵиаашьапык рбеит иҩны иаҵанакуа абаҳчаҿы.
Оҭар Гәыблиа ихаҭа иакәзар, данааныркылоз анаркотикатә маҭәашьар амарихуанеи аметадони иланы дыҟан.
Ашьаусҭҵаара иацҵоуп. Аӡбарҭа ишаӡбаз ала, Гәыблиа даанкылоуп.
Аԥсны
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥсныҟа хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа ралагалара аԥдырҟәҟәааит