Урыстәыла

Реџьеп Ердоган Швециа НАТО иалаларазы аԥкаанҵа инапы аҵеиҩит

Швециеи Финлиандиеи алианс иалаларазы арзаҳалқәа нарышьҭит 2022 шықәса лаҵарамзазы. Финлиандиа арзаҳал аҭак аҭан алианс иаларҵеит, Швециа иаҿагыланы иқәгылеит Ҭырқәтәылеи Венгриеи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган Швециа НАТО иалаларазы аԥкаанҵа инапы аҵеиҩит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Ҭырқәтәыла ахада Иусбарҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Адокумент Ҭырқәтәыла Амилаҭтә еизара ахәаԥшырц иазынашьҭуп.
Швециеи Финлиандиеи алианс иалаларазы арзаҳалқәа нарышьҭит 2022 шықәса лаҵарамзазы. Финлиандиа арзаҳал 2023 шықәса мшаԥы 4 рзы аҭак арҭан, алианс иаларҵеит, Швециа иаҿагыланы иқәгылеит Ҭырқәтәылеи Венгриеи.
Анкара ари аҩыза аӡбара аднаҳәалоит Стокгольм атерроризм ҳаҿагылоит ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭеи Курдисҭан аусутә партиа ахаҭарнакцәа шәаҳҭоит ҳәа ирҳәази. Ҭырқәтәыла ргәы иалсит Швециа Аҟәырҟан ахьырбылуаз. Венгриа Швециа НАТО иалаларазы абжьыҭира инахеит Стокгольм атәыла арежим демократиатә политикатә режимым ҳәа изныкымкәа иахьаԥхьаӡахьоу.
Урыстәыла
Шоигу еиҭеиҳәеит Урыстәыла мраҭашәаратәи аҳәаақәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу