Аԥсны

Ԥшь-миллионҩык ауаа рҟынӡа урыстәыла-аԥснытәи аҳәаа иахысит аԥхынра иалагӡаны

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә еилаки рыбжьара аицусуразы аусутә еиԥылара мҩаԥысит Аҟәа, жьҭаара 21 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 24– Sputnik. 2023 шықәса рашәара-нанҳәа амзақәа рыҩнуҵҟа аԥсны-урыстәылатә ҳәаа иахысит 4,605 миллионҩык ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба.
Ашәба иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы ари зегь раасҭа ирекордтәу рбагоуп ҳәа. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит аҳәаа атехнологиатә план ала ариаҟара ауаа роушьҭра ишазыҟаҵам, убри азы аамҭа-аамҭала апроблемақәа шцәырҵло.
Ашәба иҳәеит ари аамҭазы ҩынтә асистема шаангылаз, атранспорт аныҟәарагьы шыуадаҩыз, ари азҵаара аӡбара иадҳәалоу аусқәа зегьы урыстәылатәи аган ишадлаз.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа русеицура аизырҳаразы еилацәажәеит