Арадио

Гогиаԥҳа "Аԥсны ҭагалан аԥшшәхәқәа" иазкны: ҳахьӡ Урыстәыла зегьы иахыҵәахьеит

Sputnik
Жәларбжьаратәи арт-пленер "Аԥсны ҭагалан аԥшшәхәқәа" ҳтәылаҿ имҩаԥысуеит жьҭаара 21-26 рзы. Сынтәатәи апленер рхы аладырхәит Аԥсны, Нхыҵ Кавказ, Санкт-Петербург, Москва рҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа. Аиԥш зеиԥшу аԥышәа ҳҟазацәа ирзаанартуа алшарақәеи, сынтәатәи арт-пленер аҷыдарақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит апроект аҳәаақәҵаҩ Мактина Гогиаԥҳа.
Апленер алахәылацәа рыԥшаара цәгьаӡам, шьҭа ҳахьӡ неиҩхьеит, Урыстәыла зегьы иахыҵәахьеит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Гогиаԥҳа.
"Асахьаҭыхыҩцәа рхеидкылақәа рхала иаҳзырыҩуеит, апроект ҟалома ари ашықәс азы ҳәа. Ҳара иаҳҭахуп есышықәса иҿыцу ахырхарҭақәа рыла аҟазацәа радԥхьалара", - ҳәа лҳәеит лара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.