Урыстәыла

ИАР атәылақәа II Рмедиафорум аусутә программа кьыԥхьуп

Амедиафорум мҩаԥгахоит абҵара 1 азы Москва, Зубовсктәи абульвар аҟны иҟоу Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" ахыбраҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. ИАР атәылақәа II Рмедиафорум аусутә программа кьыԥхьуп. Апленартә еилатәараҟны темас ишьҭыххоит "Жәларбжьаратәи ажурналистика аԥеиԥш".
Асессиақәа ирылахәхоит аполитикатә елита, аексперттә еилазаара, АИХқәа рхаҭарнакцәа.
Ирылацәажәоит амедиаусхк аҟны иԥсабаратәым аинтеллект ахархәара, Telegram-каналқәа хра рыманы рымҩаԥгара астратегиа, Аидгыла урысшәалатәи АИХқәа рыҿиара, ацифратә епохаан ашьашәалатә факультетқәа рыстудентцәа разыҟаҵара аҷыдарақәа рызҵаарақәа.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакаауеит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" Урыстәыла ацифратә ҿиареи Аимадареи амассатә коммуникациақәеи рминистрра рыцхыраарала.
2022 шықәсазы I Амедиафорум иалахәын 300-ҩык ажурналистцәа, аполитикцәа, аекспертцәа.
Алахәылацәеи АИХқәа рхаҭарнакцәеи рзы аккредитациа Амедиафорум асаит аҿы.