Арадио

Карчаа Аминистррақәеи аусбарҭақәеи рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы: аԥхьахә ҳашьҭашәарыцуан

Sputnik
Аминистррақәеи аусбарҭақәеи рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы аицлабра аихшьаалақәа ҟаҵоуп. Аиндаҭларақәа рымҩасшьеи, ахәмарцәа разыҟаҵареи, алҵшәақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа.
Ашьапылампыл маҷ азы аицлабраҟны аԥхьахә агеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура акоманда. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра акоманда, ахԥатәи – Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.